Киев ахада Витали Кличко Қырҭтәыла апарламент аҧхьа имҩаҧысуа амитинг алахәылацәа рахь ааҧхьара ҟаиҵеит
Киев ахада Витали Кличко Қырҭтәыла апарламент аҧхьа имҩаҧысуа амитинг алахәылацәа рахь ааҧхьара ҟаиҵеит

«Ақырҭуа жәлар украинаа рыдгыларазы ҭабуп ҳәа расҳәар сҭахуп, шәпозициазы сшәаҭабууп », – иҳәеит Киев ахада Витали Кличко Қырҭтәыла апарламент аҧхьа имҩаҧысуа аминтинг алахәылацәа рахь  ихы рханы.

Кличко ишазгәеиҭаз ала, ақырҭуаа аморалтә ганахьала украинаа ирыдгылоит, аха, уи адагьы,  ақырҭуа аибашьцәа украинаа ирывагыланы ахақәиҭреи ахьыҧшымреи иазықәҧоит.

«Ақырҭуа жәлар украинаа рыдгыларазы ҭабуп ҳәа расҳәар сҭахуп, шәпозициазы сшәаҭабууп. Шәара зегьы иреиҕьны ижәдыруеит аурыс агрессиа закәу, уи изакәытә рыцҳароу, изақәытә арбгароу иахылҵуа, Урыстәыла агәылара иҟоу атәылақәа рымпыҵахалара шалшо.  Ақырҭуаа аморалтә ганахьала украинаа ирыдгылоит, аха, уи адагьы, ақырҭуа аибашьцәа украинаа ирывагыланы ахақәиҭреи ахьыҧшымреи иазықәҧоит.  Иҭахаз   36ҩык ақырҭуа аибашьцәа еснагь ҳаҭырла иҳгәалаҳаршәалоит. Шәфырхаҵареи ахақәиҭреи ахьыҧшымреи азгәыкреи азыҳәан ҭабуп ҳәа шәасҳәоит. Агәра ганы сыҟоуп адемократиатә Европаҟа зхы рхоу ҳажәларқәа ари амҩа қәҿиарала иахысны, Евроеидгыла алахәылацәас ишыҟало. Иахьа ҳара Европеи уи апринципқәеи ҳахьчоит. Ахьӡ-аҧша амазааит Украина, ахьӡ-аҧша амазааит Қырҭтәыла, ахьӡ-аҧша рымазааит ҳфырхацәа», — иҳәеит  Витали Кличко.