Келли Дегнан – Қырҭтәыла аиҳабыра роуп ашәарҭадара азҵаара аҭыҧқәҵаразы иреиҕьу амҩа зыҧшааша, аибашьреи арепрессиақәеи ирцәыбнало ауаа ишрыцхрааша зыӡбаша
«Қырҭтәыла аиҳабыра роуп ари азҵаара зыӡбаша», — илҳәеит Қырҭтәыла иҟоу Америка ацҳаражәҳәаҩ Келли Дегнан, агәаҭара-аужьҭратә пункт «Ларс» аҿы аҭагылазашьа даналацәажәоз.
Келли Дегнан Урыстәыла атәылауаа Қырҭтәылаҟа рмиграциагьы дазааҭгылеит.
«Еиуеиҧшым атәылақәа еиуеиҧшым амеханизмқәа рхы иадырхәоит. Қырҭтәыла аиҳабыра роуп ари азҵаара аӡбаразы иреиҕьу амҩа зыҧшааша. Ҳәарада , ахадаратә ҵакы амоуп ашәарҭадара азҵаарақәа абаланс рзура, аха Урыстәылеи Украинеи аибашьреи арепрессиақәеи ирцәыбнало ауааҧсыра рыцхраарагьы аҵакы ду амоуп», — илҳәеит Дегнан.