Келли Дегнан – Қырҭтәыла аиҳабыра роуп ашәарҭадара азҵаара аҭыҧқәҵаразы иреиҕьу амҩа зыҧшааша, аибашьреи арепрессиақәеи ирцәыбнало ауаа ишрыцхрааша зыӡбаша
Келли Дегнан – Қырҭтәыла аиҳабыра роуп ашәарҭадара азҵаара аҭыҧқәҵаразы иреиҕьу амҩа зыҧшааша, аибашьреи арепрессиақәеи ирцәыбнало ауаа ишрыцхрааша зыӡбаша

«Қырҭтәыла аиҳабыра роуп  ари азҵаара зыӡбаша», — илҳәеит Қырҭтәыла иҟоу Америка ацҳаражәҳәаҩ  Келли Дегнан, агәаҭара-аужьҭратә пункт  «Ларс» аҿы аҭагылазашьа даналацәажәоз.

Келли Дегнан  Урыстәыла атәылауаа Қырҭтәылаҟа рмиграциагьы дазааҭгылеит.

«Еиуеиҧшым атәылақәа еиуеиҧшым амеханизмқәа рхы иадырхәоит. Қырҭтәыла аиҳабыра роуп ари азҵаара аӡбаразы иреиҕьу амҩа зыҧшааша. Ҳәарада , ахадаратә ҵакы амоуп ашәарҭадара азҵаарақәа абаланс рзура, аха Урыстәылеи Украинеи аибашьреи арепрессиақәеи ирцәыбнало ауааҧсыра рыцхраарагьы аҵакы ду амоуп», — илҳәеит Дегнан.