Каха Куҷава Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩыс адлырхит
Каха Куҷава Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩыс адлырхит

Каха Куҷава Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩыс адлырхит. Уи ари аҭыԥ Арчил Ҭалакваӡе ицынхәрас ааникылеит.

Каха Куҷава икандидатуразы адепутатцәа абжьыҭира мҩаԥыргеит. Куҷава икандидатура иадгылеит 86-ҩык адепутатцәа, фҩык иаҿагылеит.

2021 шықәса ажьырныҳә инаркны Каха Куҷава апартиа “Ақырҭуа гәахәтәы – адемократиатә Қырттәыла” аполитикатә хеилак алахәылас далырхит, уи апартиа жәларбжьаратәи маӡаныҟәгаҩ иҭыԥ ааникылеит.

Арчил Ҭалакваӡе апарламент ахантәаҩы иҭыԥ аанижьит мшаԥы 24 рзы.