Каха Куҷава НАТО амаӡаныҟәгаҩ хада ихаҭыҧуаҩ  Мирча Джоане диҧылеит
Каха Куҷава НАТО амаӡаныҟәгаҩ хада ихаҭыҧуаҩ  Мирча Джоане диҧылеит

«Қырҭтәыла НАТО ахаҭарнакра арҭбаара,  абри азҵаароуп НАТО амаӡаныҟәгаҩ хада ихаҭыҧуаҩи сареи ҳазлацәажәаз», — иҳәеит Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы Каха Куҷава Бриуссель,  НАТО амаӡаныҟәгаҩ хада ихаҭыҧуаҩ Мирча Джоане даниҧыла ашьҭахь.

Кахи Куҷава иҳәамҭала, иара убас,  аиҧылараҿы иазаҭгылеит Қырҭтәылеи НАТОи русеицуреи,  ҳаҧхьаҟа аусеицура зырҭбааша азеиҧш плани.

Апарламент ахантәаҩы ишазгәеиҭаз ала,  НАТО анапхгара ибзиаҵәҟьаны еилыркаауеит Иаарту ашәқәа аполитика аҵакы ду шамоу.

«Ҳара НАТО ҳалалар ҳҭахуп. Ишыҟазаалак,  излауа ала ирласны абри ахықәкы наҳагӡароуп», — иҳәеит Каха Куҷава ажурналистцәа данрацәажәоз.