«Амчылара ҟамлароуп, сара АИХ ахаҭарнакцәа рзы амчылара ҷыдала сақәыӡбоит, уи ҟамлароуп», — иҩит Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы Каха Куҷава асоциалтә аҳаҿы.
Куҷава ишиҳәаз ала, аҳәынҭқарра азинеиҿкаареи аҭынчреи еиқәнаршәоит. Куҷава даҽазнык аганқәа зегьы рахь ааҧхьара ҟаиҵеит рҽырҭынчырц.
«Имҩаҧысуа апроцессқәа ирыдҳәаланы, аганқәа зегьы рахь ааҧхьара ҟасҵоит аҳәынҭқарра аинтересқәа ирызхәыцырц. Амчылара ҟамлароуп, сара АИХ ахаҭарнакцәа рзы амчылара ҷыдала сақәыӡбоит, уи ҟамлароуп! », — иҩит Каха Куҷава.