Каха Калаӡе - Ауааԥсыра рҿаԥхьа аҭамзаара шьҭасҵар сҭахуп, аха аинфраструктуратә усурақәа рымҩаԥгара ада ақалақь аҿиара ҟалом
Каха Калаӡе - Ауааԥсыра рҿаԥхьа аҭамзаара шьҭасҵар сҭахуп, аха аинфраструктуратә усурақәа рымҩаԥгара ада ақалақь аҿиара ҟалом

Аҳҭнықалақь ахада Каха Калаӡе иажәақәа рыла, аҵыхәтәынтәи аамҭазы Қарҭ аиҭаҵра уадаҩхеит, аиԥынгыларақәа рацәахеит, ари аинфраструктуратә проектқәа рымҩаԥгара иадҳәалоуп.

Калаӡе амуниципалитет аиҳабыра реилатәара аан иҟаиҵаз аҳәамҭала, адискомфорт ада абри еиԥш апроектқәа рыганӡара ҟалом.

“Аҵара ашықәс ҿыц ианалага, ақалақь ацентртә амҩақәа рҿы аԥынгыларақәа рацәахеит,аиҭаҵра уажаҩхеит. Ари аинфраструктуратә проектқәа рымҩаԥгара иадҳәалоуп.  Ауааԥсыра рҿаԥхьа аҭамзаара шьҭасҵар сҭахуп, аха аинфраструктуратә усурақәа рымҩаԥгара ада ақалақь аҿиара ҟалом”, – иҳәеит Калаӡе.

Қарҭ ахада ишазгәеиҭаз ала, Мелиқишвилии Аҳкәажә Қеҭевани рымҩадуқәа рырҽеиратә усурақәа рхыркәшара ашьҭахь, Ҵереҭели амҩаду ареабилитациа алагоит.