Каха Калаӡе - Аиаша аларҵәаразы аплатформақәа зегьы рхархәара аҵак ҷыда амоуп, адунеи еилагеит, аиашамра ашыкьымҭаҿ иҟоуп, абри зегьы гәаартыла ирылацәажәароуп.
Аиаша аларҵәаразы аплатформақәа зегьы рхархәара аҵак ҷыда амоуп, адунеи еилагеит, аиашамра ашыкьымҭаҿ иҟоуп, абри зегьы гәаартыла ирылацәажәароуп, — иҳәеит Қарҭ ахада Каха Калаӡе.
Каха Каладзе аԥыза-министр Иракли Кобахиӡе Европатәи аполитикатә аидҵара (EPC) асаммит иҿалархәра дахцәажәан, ишазгәеиҭаз ала, аиҳабыра аиаша аларҵәаразы аплатформақәа зегьы рхы иадырхәароупю
«Аиаша аларҵәаразы аплатформақәа зегьы рхархәара аҵак ҷыда амоуп, адунеи еилагеит, аиашамра ашыкьымҭаҿ иҟоуп, абри зегьы гәаартыла ирылацәажәатәуп», — иҳәеит Каха Калаӡе.
Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе жьҭаара 2 рзы Даниа аҳҭнықалақьаҿ, Коппенгаген имҩаҧысуа Европатәи аполитикатә аидҵара (EPC) асаммит ихы алаирхәоит. EPC 7-тәи аконференциа аҳәаақәа ирҭагӡаны, еиуеиҧшым атәылақәа, урҭ рыбжьара – европатәи атәылақәагьы рлидерцәеи жәларбжьаратәи аинститутқәа рнапхгаҩцәеи аполитикатә диалоги аусеицуреи ацхраара ала европатәи аконтинентаҿ ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи рырҕәҕәара иалацәажәоит.