Катар имҩаҧысраны иҟоу ашьапылампыл азы Адунеи ачемпионат аҿы алкоголь злоу арыжәтә рҭиуам
Катар имҩаҧысраны иҟоу ашьапылампыл азы Адунеи ачемпионат аҿы алкоголь злоу арыжәтә рҭиуам

Адунеи ачемпионат -2022 аан Катар астадион аҿы алкоголь злоу арыжәтә аҭира иқәиҭымуп.

«Аплан аиқәыршәара ҳаҿуп. Ахәаҧшцәа астадион иҩналаанӡа   ауараш ржәыр рылшоит, аха, аҩныҵҟа, аренақәа рҿы алкоголь злоу арыжә аҭира ҟалом», — иҳәеит Роитер аинтервиу азҭоу ахаҿы.

Катар ауаажәларратә ҭыҧқәа рҿы алкоголь злоу арыжәтә  ажәра ҟалом.