Раԥхьаӡа акәны Катар ақырҭуа ҩы аекспорт нагӡан
Раԥхьаӡа акәны Катар ақырҭуа ҩы аекспорт нагӡан

Катар иҟоу Қырҭтәыла ацҳаражәҳәареи Катар адистрибуциатә аилахәыреи (Qatar Distribution Company) ирыбжьоу аусеицура иабзоураны, раԥхьаӡа акәны Катар ақырҭуа ҩы аекспорт нагӡан. Ари атәы аарыцҳаит Қырҭтәыла Аԥсабарахьчареи ақыҭанхамҩеи рминистрра апрессмаҵзура аҟынтә.

Аминистрра аинформациа ала, Катар адистрибуциатә аилахәыра (QDC – Qatar Distribution Company) Катар алкоголь злоу арыжәтәқәа рҭииреи римпорти аексклиузивтә лицензиа амоуп.

“Лаҵара 27 инаркны адистрибуциатә аилахәыра акаҭаҿ ақырҭуа ҩы 12 хкы иалоуп. Хара имгакәа ақырҭуа ҩы аахәара Доҳа иҟоу асасааирҭақәеи аҭыԥ ҷыдақәеи рҿы ҟалоит”, – иануп аинформациа аҿы.