Иракли Ҕарибашвили Катар аҧыза-министри аҩныҵҟатәи аусқәа рминистри диҧылеит
Иракли Ҕарибашвили Катар аҧыза-министри аҩныҵҟатәи аусқәа рминистри диҧылеит

Ҩ-тәылак қәҿиарала аусеицуреи, аекономикатә еизыҟазаашьақәа рырҭбаареи иалацәажәеит визитла Катар иҟоу Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвилии Катар аҧыза-министри аҩныҵҟатәи аусқәа рминистри ашеих Халил бин Ҳалифа бин Абдул Азиз Аль-Ҭани реиҧылараҿы.

Иаҵшьны иазгәаҭан иахьазы ҩ-тәылак рыбжьара еиуеиҧшым ахырхарҭақәа рыла қәҿиарала имҩаҧысуа аусеицура.

Аганқәа рхаҭарнакцәа ишырҳәаз ала, аекономикатәи ахәаахәҭратәи еизыҟазаашьақәа рырҭбаара иазыхиоуп.