Катар аԥыза-министр ишааицҳаз, "Ҳамас" итҟәаны иргаз ауааԥсыра рхақәиҭтәра иазку аиҿцәажәараҿ апрогресс иҟоуп
Катар аԥыза-министр ишааицҳаз, "Ҳамас" итҟәаны иргаз ауааԥсыра рхақәиҭтәра иазку аиҿцәажәараҿ апрогресс иҟоуп

“Ҳамас” итҟәаны иргаз ауааԥсыра рхақәиҭтәра иазку аиҿцәажәараҿ апрогресс иҟоуп, – иҳәеит Катар аԥыза-министр ашеих Муҳаммед бин Абдулраҳман.

Ашеих иажәақәа рыла, аҵыхәтәантәи ԥшьымчыбжь-хәымчыбжь ирылагӡаны активтә аиҿцәажәарақәа мҩаԥысуан, уажәы алогистикатәи апрактикатәи зҵаарақәа ирыхәаԥшуеит,ихадоу азҵааразы аиқәшаҳаҭра иҟоуп.