Карл Харцель - Ҽнакала Евроеидгыла узалалом, икьаҿ амҩа иҟам
Карл Харцель - Ҽнакала Евроеидгыла узалалом, икьаҿ амҩа иҟам

«Евроеилгыла алалара апроцесс ҩышықәса аҭахуп, ари апроцессаан акритериқәа зегьы рынагӡаразы аусура ду мҩаҧгатәуп», — иҳәеит Қырҭтәыла иҟоу Евроеидгыла ацҳаражҳәаҩ  Карл Харцель.

Ажурналистцәа ацҳражәҳәаҩ иазҵааит Қырҭтәыла акандидат астатус зарымҭаз амзызқәа атәылаҿы арратә операциақәа рыҟамзаара иадҳәалоума ҳәа. Карл Ҳарцель ишиҳәаз ала,  арратә операциақәа рымҩаҧгара  зыӡбахәы ҳәоу акритериқәа ирылам.

Евроеидгыла алаларазы Қырҭтәыла аҿҳәарас иамои ҳәа ианиазҵаа, Ҳарцель абас аҭак ҟаиҵеит:

«Ҽнакала Евроеидгыла узалалом, амҩа кьаҿ иҟам. Ари апроцесс азы ҩышықәса аҭаххоит. Евроеидгыла ала ишьақәыргылоу акритериақәа зегьы рынагӡаразы аамҭа аҭахуп.  Евроеидгыла алалара аҿҳәара атәылаҿы ареформақәа рымҩаҧгара аласра иахьыҧшуп. Уажәазы Евроеидгыла қырҭтәыла иадналагоит акандидат астатус аиуреи ари апроцесс қәҿиарала анагӡареи азы  иаҭаху 12 пунктқәа», — иҳәеит  Карл Харцель.