Карл Ҳарцель иҧҳәыс ажурналистцәа  акаҳуеи апончикқәеи рызцәырылгеит  (авидео)

 

Қырҭтәыла иҟоу Евроеидгыла ацҳаражәҳәаҩ Карл Ҳарцель иҧҳәыс арезиденциа аҧхьа еизаз ажурналистцәа акаҳуеи апончикқәеи рызцәырылгеит.

Аларҵәара зауз аинформациа ала, иахьа анапхгаратә партиеи аоппозициеи рыбжьара аиҿцәажәарақәа ахәбатәи араунд мҩаҧысраны иҟан. Убри аҟынтә, ажурналистцәа, шьыжь инаркны, Евроеидгыла ацҳаражәҳәаҩ ирезиденциа аҧхьа еизаны игылан.

Ҧыҭраамҭак ашьҭахь еилкаахеит аиҿцәажәарақәа ахәбатәи араунд иахьа ишымҩаҧымсуа.