Карл Ҳарцель - Ҳара Қырҭтәыла асуверенитети атерриториатә акзаареи, апартниорцәа ралхра зини ҳрыдгылоит
Ҳара Қырҭтәыла асуверенитети атерриториатә акзаареи, апартниорцәа ралхра зини ҳрыдгылоит, – ари атәы ажурналистцәа рахь ааицҳаит Қырҭтәыла иҟоу Евроеидгыла ацҳаражәҳәаҩ Карл Ҳарцель.
“Сара Нато схаҭарнакӡам, Нато ахьӡала сызцәажәом. Евроеидгыла ахаҭарнак иаҳасабла абри ауп исҳәарц исылшо – ҳара Қырҭтәыла асуверенитети атерриториатә акзаареи, апартниорцәа ралхра зини ҳрыдгылоит. Ари ашьаҭатәи принципуп, Европа ашәарҭадара абри ауп ауп шьаҭас измоу. Америкатәии натотәии, Аусеицуреи ашәарҭадареи рзы Европатәи еиҿкаареи рҟынтә ҳпартниорцәа апринципқәа ҳрыхьчоит.
Уажәы ишьақәгылаз аҭа́шылазаашьа ирласӡаны аҭыԥқәҵараҳалшоит ҳәа ҳгәыӷуеит,” – иҳәеит Ҳарцель.