Карл Ҳарцель евроинтеграциа азы апарламенттә комитет ахантәаҩы Мака Боҷоришвили дылҧылеит
Қырҭтәыла иҟоу Евроеидгыла ацҳаражәҳәаҩ Карл Ҳарцель евроинтеграциа азы апарламенттә комитет ахантәаҩы Мака Боҷоришвили дылҧылеит.
Аиҧылара ашьҭахь Мака Боҷоришвили ишылҳәаз ала, европатәи интеграциа азы акомитет Қырҭтәылеи Евроеидгылеи реизыҟазаашьақәа рзы аҵакы ду амоуп.
«Уажәааны евроинтеграциа азы акомитет ахантәаҩы сылҧылеит, сара Бриуссельынтә ибзианы дыздыруеит. Абри аҭыҧ аанкылара лыдысныҳәалеит. Ари акомитет Қырҭтәылеи Евроеидгылеи реизыҟазаашьақәа рзы аҵакы ду амоуп. Ҳаҧхьаҟа акомитет аҟны активла аусеицура ҳгәы иҭоуп. Хара имгакәа имҩаҧысуеит Евроеидгыла – Қырҭтәылатәи Ассоциациа аилак аилатәара, уаҟа анеҩстәи ашықәс аусхәаҧштә ҳалацәажәоит, аиҳабыра рҿаҧхьа иқәгылоу аҳасабтә ҿыцқәеи апарламент аусхәаҧштәи еилаҳкаауеит, Мака ари апроцесс аҿы крызҵазкәа ароль налыгӡоит. Иахьа гәахәарыла сылҧылеит», — иҳәеит Ҳарцель.