Карл Ҳарцель  - Даара икылкааны ҳацклаԥшуеит Михеил Саакашвили иус, иашьашәалоу аӡбаратә процесс мҩаԥгатәуп, аӡбара иаахтны ииашаны мҩаԥгахароуп
Карл Ҳарцель - Даара икылкааны ҳацклаԥшуеит Михеил Саакашвили иус, иашьашәалоу аӡбаратә процесс мҩаԥгатәуп, аӡбара иаахтны ииашаны мҩаԥгахароуп

Қырҭтәыла иҟоы Евроеидгыла ацҳаражәҳәаҩ Карл Ҳарцель ишааицҳаз ала,  даара икылкааны иацклаԥшуеит Михеил Саакашвили иус.

Ҳарцель иажәақәа рыла, иашьашәалоу аӡбаратә процесс мҩаԥгатәуп, аӡбара иаахтны ииашаны мҩаԥгахароуп

“Даара икылкааны ҳацклаԥшуеит Қырҭтәыла ахԥатәи ахада Михеил Саакашвили иус. Ҳпартниорцәеи Жәлар рыхьчаҩи ҳрывагыланы ари апроцесс ҳалахәуп. Ақырҭуа ҳәынҭқарра иашьашәалоу аӡбаратә процесс мҩаԥнагароуп, ари аҵак ду амоуп, аӡбара иаахтны ииашаны мҩаԥгахароуп,” – иҳәеит Ҳарцель.