Карл Ҳарцель - Агәра згоит, иҟалоит аамҭа инырхуа аполитикатә енергиа атәыла аидҵареи арҕәҕәареи азын ахархәара анаиуа
Аиҿагыларазы инырхуа аполитикатә енергиа атәыла аидҵареи арҕәҕәареи ианаларҵаша аамҭа ааип ҳәа сгәыҕуеит, — иҳәеит Қырҭтәыла иҟоу Евроеидгыла ацҳаражәҳәаҩ Карл Ҳарцель Ашықәс Ҿыц инамаданы иҟаиҵаз авидеоааҧхьараҿы.
Иара иажәақәа рыла 2020 шықәса аполитикатә кризиск ала иалаган, даҽа кризиск ала ихыркәшахеит.
«Қырҭтәыла абри акризисгьы ишалҵуа агәра згоит. Аиҿагыларазы инырхуа аполитикатә енергиа атәыла аидҵареи арҕәҕәареи ианаларҵаша аамҭа ааип ҳәа сгәыҕуеит.
Ҳара, ҳаидгыланы, ҳгәахәтәқәа зегьы рынагӡара шҳалшо агәра згоит. Шәара шәеидгылар, аӡәгьы шәизаанкылом. Аныҳәамшқәа рзы аҧсшьареи абри азҵаара азхәыцреи азы аамҭа шәымазаауеит», — иҳәеит Карл Ҳарцель.