Карл Билдт - Ԥхынҷкәын 29 рышьҭахь Евроеидгылеи егьырҭ атәылақәе Қырҭтәыла илегитиму ахада дарбану рыӡбароуп
Ԥхынҷкәын 29 рышьҭахь Қырҭтәыла аибарххара ҟалоит, Евроеидгылеи егьырҭ атәылақәеи Қырҭтәыла илегитиму ахада дарбану рыӡбароуп, – асоциалтә каҭаҿы иҩит Швециа ԥасатәи аԥыза-министр, адәныҟатәи азҵаарақәа рзы Европа ахеилак аицхантәаҩы Карл Билдт.
“Қарҭи Қырҭтәыла егьырҭ ақалақьқәеи рҿы амассатә аҿагылара нагӡоит. Ԥхынҷкәын 29 рышьҭахь Қырҭтәыла аибарххара ҟалоит, Евроеидгылеи егьырҭ атәылақәеи Қырҭтәыла илегитиму ахада дарбану рыӡбароуп”, – иҩит Билдт.