Канада аԥыза-министр Џьастин Триудо инапынҵақәа шьҭеиҵеит
Канада аԥыза-министр Џьастин Триудо инапынҵақәа шьҭеиҵеит

Канада аԥыза-министр, анапхгаратә либералтә партиа алидер Џьастин Триудо инапынҵақәа шьҭеиҵеит. Триудо аԥыза-министр иҭыԥ ааникылоит алхра ҿыцқәа рҟныӡа.

“Апартиа алахәылацәа алидер ҿыц даналырху, сара апартиа алидер иҭыԥи аԥыза-министр иҭыԥи аансыжьуеит”, – иҳәеит Триудо Оттава имҩаԥгаз апрессконференци аҿы.

Џьастин Триудо Канада апарламент аусзура хәажәкыра 24-нӡа ааникылеит, иҿыцу алхрақәа жьҭаара 20-нӡа мҩаԥгахароуп.

Џьастин Триудо Алибералтә партиа алидерс далхын 2013 шықәсазы, усҟан апартиа акризис ду иҭагылан, аҭоурых аҿы раԥхьаӡа ауаԥшьқәа рпалатаҿ ахԥатәи аҭыԥ аннакылеит.