Каиа Каллас - Қырҭтәыла аиҳабыра рыгәҭакы аҿагыларазы иҵегь иҟаҳҵар ҳалшо ҳахцәажәоит, авариантқәа зегьы амш аусхәаԥштә иалоуп, урҭ иреиуп авизадатә режим аамала аанкылара
Каиа Каллас - Қырҭтәыла аиҳабыра рыгәҭакы аҿагыларазы иҵегь иҟаҳҵар ҳалшо ҳахцәажәоит, авариантқәа зегьы амш аусхәаԥштә иалоуп, урҭ иреиуп авизадатә режим аамала аанкылара

Қырҭтәыла арегресс ду амоуп, авариантқәа зегьы амш аусәаԥштә иалоуп, урҭ иреиуп авизадатә режим аамала аанкылара, – илҳәеит адәныҟатәи аусқәеи ашәарҭадара аполитикеи рызҵаарақәа рзы Евроеидгла иреиҳаӡоу ахаҭарнак Каиа Каллас Евроеидгыла адәныҟатәи аусқәа рминистрцәа реиԥылара иалагаанӡа.

“Қырҭтәыла арегресс ду амоуп, Қырҭтәыла аиҳабыра рыгәҭакы аҿагыларазы иҵегь иҟаҳҵар ҳалшо ҳахцәажәоит, авариантқәа зегьы амш аусәаԥштә иалоуп, урҭ иреиуп авизадатә режим аамала аанкылара”, – илҳәеит Каллас.

Хықәкылатәи асанкциақәа ирызкны ажурналист Каллас илзықәиргылаз азҵаара иаҭакны, адәныҟатәи аусқәеи ашәарҭадара аполитикеи рызҵаарақәа рзы Евроеидгла иреиҳаӡоу ахаҭарнак илҳәеит:

“Ҳара асиа рыдаагалеит, избан акәзар иқәыԥшу амитинг алахәылацәа рганахьала аҭыԥ амоуп еизшарам ахьырхәра, убри аҟынтә иубарҭоуп аӡбарҭа асистемагьы аоперациа шалоу. Асанкциақәар пакет иалоуп ҩыџьа аӡбаҩцәа рыхьӡқәа. Иахьа ҳара авизадатә режим иазкны Қырҭтәылашҟа ашәҟәы ҳашьҭуеит, дара зыҳәарақәак нарыгӡароуп, ари аныҟарымҵа, авизадатә режим аанкылара иазкы аӡбамҭа ҳадаҳкылоит”.