Каиа Каллас – Амшын еиқәа арегиони, Аахыҵ Кавкази, Ацентртә Азиеи рҟынтә ҳпартниорцәа ҳазларацәажәаша рацәоуп, џьоукы абра иҟам, аха, ҳаҧхьаҟа ареалтә алҵшәақәа раиура ҳалшап ҳәа ҳгәыҕуеит
«Амшын еиқәа арегиони, Аахыҵ Кавкази, Ацентртә Азиеи рҟынтә ҳпартниорцәа ҳазларацәажәаша рацәоуп, џьоукы абра иҟам, аха, ҳаҧхьаҟа ареалтә алҵшәақәа раиура ҳалшап ҳәа ҳгәыҕуеит», — илҳәеит Евроеидгыла иреиҳаӡоу ахаҭарнак Каиа Каллас Бриуссель адәныҟатәи аусқәа рзы Евроеидгыла Ахеилак аилатәара иалагаанӡа Қырҭтәыла иазкны илырҭаз азҵаара аҭак аныҟалҵоз.
«Амшын еиқәа арегиони, Аахыҵ Кавкази, Ацентртә Азиеи рҟынтә ҳпартниорцәа ҳазларацәажәаша рацәоуп, џьоукы абра иҟам, аха, ҳаҧхьаҟа ареалтә алҵшәақәа раиура ҳалшап ҳәа ҳгәыҕуеит», — илҳәеит Каллас.
Иара убас, Каиа Каллас илазҵааит: Урыстәылахь иҟоу аҳәарақәа данрылацәажәо, Қырҭтәылеи Молдовеи импыҵахалоу аҵакырадгьылқәа рҟынтә аурыс арбџьармчқәа ралгара далацәажәома?
«Ҳмаксималтә аҳәарақәа ирыҵанакуеит Урыстәыла ахатә арбџьармчқәа ахьнаргылаз атәылақәа зегьы рҟынтә аурыс арбџьармчқәа ралгара, избанзар, ҳара ЕАР аҧҟанҵа ҳамоуп, ҳара уи ҳақәныҟәалароуп. Ари аҳәарагьы ҳусхәаҧштә иалоуп», — илҳәеит Каллас.