Каха Калаӡе - „Интери“ ҳареи ҳматч аинтерес ду амазаауеит, ақырҭуа ахәаҧшцәа даҽазнык  адунеитә аеҵәақәа рбар рылшоит
Каха Калаӡе - „Интери“ ҳареи ҳматч аинтерес ду амазаауеит, ақырҭуа ахәаҧшцәа даҽазнык  адунеитә аеҵәақәа рбар рылшоит

Каха Калаӡе Legend Series раҧхьатәи аматч аҧхьа имҩаҧгаз апрессконференциаҿы ажурналистцәа рызҵаарақәа аҭак риҭеит.  Иара ишиҳәаз ала, „Аҷара аренаҿ“ имҩаҧысу аматч ахәаҧшцәа агәахәара ду рзаанагап ҳәа дгәыҕуеит, иара убас, ари аматч ақырҭуа ашьапылампыл аӡыргара иацхраауеит.

„Даҽазнык Интер аҧылара агәахара ду сзаанагоит. Акыршықәса рыҩныҵҟа  „Интер“ ҳаиндаҭлаҩ акәын. Сара Анцәа имчала, „Милан“ аҿы ахәмарра алшара сыман, аиаарақәа рацәа збахьеит. Ари апроект аиҿкааҩцәа ҭабуп ҳәа расҳәоит. Агәра ганы сыҟоуп ари аматч ахәаҧшцәа агәахәара ду шырзаанаго, насгьы, уи ақырҭуа ашьапылампыл аӡыргара иацхраауеит. Ақырҭуа ахәаҧшцәа даҽазнык адунеитә аеҵәақәа рбар рылшоит“, – иҳәеит Каха Калаӡе.