Џьуаншер Бурҷулаӡе Украина атәылахьчара аимадаратә гәыҧ аилатәара ихы алаирхәит
Џьуаншер Бурҷулаӡе Украина атәылахьчара аимадаратә гәыҧ аилатәара ихы алаирхәит

Қырҭтәыла атәылахьчара аминистр  Џьуаншер Бурҷулаӡе визитла Бриуссель дыҟоуп. Иара Украина атәылахьчара азҵаарақәа рзы аимадаратә гәыҧ аилатәара ихы алаирхәит. Аилатәара мҩаҧган НАТО аштаб-уадаҿы. Аиҧылара ааиртит Америка атәылахьчара аминистр.

Ллоид Остин  Украина уажәтәи аҭагылазаашьеи, иара убас, ахыхьчаратәи азыҟаҵаратәи аҭахрақәеи дрылацәажәеит.

Украина аимадаратә гәыҧ еиҿкаан Америка аинициативала. 2021 шықәса мшаҧы азы еиҿкааз агәыҧ иалоуп Украина иадгыло  50 иреиҳаны аҳәынҭқаррақәа.