Џьуаншер Бурҷуладзе - Сынтәа мшаҧымзаз, Қырҭтәыла иакымкәа адронқәа ҟаҵаны, иҳҧышәоит
Қырҭтәыла атәылахьчара аминистр Џьуаншер Бурҷуладзе атәылаҿ адронқәа рыҟаҵара апроцесс далацәажәеит.
Ателеканал «Русҭави-2» иеиҭаз аинтервиу аҿы атәылахьчара аминистр ишиҳәаз ала, сынтәа мшаҧымзаз, Қырҭтәыла иакымкәа адронқәа ҟаҵаны, ирҧышәоит.
«Азеиҧш аилахәыра — ақәҿиара змоу проектуп. Ҳареи польшатәи агани аусеицура ҳалагеит 2020 шықәсазы. Сынтәа мшаҧымзаз, Қырҭтәыла иакымкәа адронқәа ҟаҵаны, иҳҧышәоит. Иара убас, аҧышәаратә аҧыррақәа мҩаҧаагоит. Адронқәа ҟарҵоит аҵарадырра-техникатә центр «Дельта» аҵакырадгьылаҿ иҳаргылаз ахыбраҿы», — иҳәеит Џьуаншер Бурҷуладзе.