Џьуаншер Бурҷулаӡе  - Қырҭтәыла аҭагылазаашьа ҷыда иҭагылоуп, атәыла  20% импыҵахалоуп, убри аҟынтә, Украина ацхраара аганахьала иҳалшо зегьы ҟаҳҵоит
Џьуаншер Бурҷулаӡе  - Қырҭтәыла аҭагылазаашьа ҷыда иҭагылоуп, атәыла  20% импыҵахалоуп, убри аҟынтә, Украина ацхраара аганахьала иҳалшо зегьы ҟаҳҵоит

«Қырҭтәыла аҭагылазаашьа ҷыда иҭагылоуп, атәыла  20% импыҵахалоуп, убри аҟынтә, Украина ацхраара аганахьала иҳалшо зегьы ҟаҳҵоит», — иҳәеит Қырҭтәыла атәылахьчара аминистр  Џьуаншер Бурҷулаӡе.

Ажурналист Бурҷулаӡе диазҵааит Қырҭтәыла Украина ацхырааразы иҟанаҵо азхом ҳәа аоппонентцәа иҟарҵо аҳәамҭақәа ирызкны.

«Ҳпартниорцәагьы ҳуааҧсырагьы ибзианы ирдыруазароуп Қырҭтәыла аҭагылазаашьа ҷыда ишҭагылоу, атәыла  20% импыҵахалоуп, абри алабҿабара иазҧхьагәаҭаны, Украина ацхраара аганахьалагьы, аамҭакала, ҳтәылаҿы аибашьра ҿыц ашәарҭара аҽацәыхьчаразы иҳалшо зегьы ҟаҳҵоит», — иҳәеит  Бурҷулаӡе.