Џьуаншер Бурҷулаӡе Лиетува ацҳаражәҳәаҩ, Андриус Калиндрас диԥылеит
Џьуаншер Бурҷулаӡе Лиетува ацҳаражәҳәаҩ, Андриус Калиндрас диԥылеит

Қырҭтәыла Атәылахьчара аминистр Џьуаншер Бурҷулаӡе Қырҭтәыла аккредитациа змоу адипкорпус хаҭарнакцәа дырԥылои. Иахьа Атәылахьчара аминистр Лиетува ацҳаражәҳәаҩ, Андриус Калиндрас диԥылеит.

Аминистрра аинформациа ала, аминистр Лиетува ацҳаражәҳәаҩ Қырҭтәыла асуверенитети атерриториатә акзаареи, Евроатлантикатәи астурктурақәа рахь аинтеграциа амҩаҿ адгылареи рзы иҭабуп ҳәа иаиҳәеит. Аиԥылараҿ аганқәа атәылахьчара ахырхарҭала ирыбжьоу аусеицуреи Нато-и Қырҭтәылеи рпакет SNGP қәҿиарала анагӡараҿ Лиетува ароли рыхцәажәеит.

Иара убас аганқәа ирыхәаԥшит  Қырҭтәылеи Лиетувеи атәылахьчара ахырхарҭала ҩганкалатәи аусеицура азқаарақәа.

Аиԥылара ихы алаирхәит Лиетуватәи аҳәынҭқарра арратә атташе, вице-аполковник  Нериус Тамошаитис.