Џьуаншер Бурҷуладзе Џьамтәыла ацҳаражәҳәаҩ ҿыц Маҳмуд Адиб диҧылеит
Қырҭтәыла атәылахьчара аминистр Џьуаншер Бурҷуладзе Қырҭтәыла иҟоу Џьамтәыла ацҳаражәҳәаҩ ҿыц Маҳмуд Адиб диҧылеит. Аиҧылара аибадырратә ҟазшьа аман.
Бурҷулаӡе џьамтәылатәи адипломат амаҵзураҭыҧ ҿыц аанкылара идныҳәаланы, ақәҿиарақәа изеиҕьеишьеит.
Аиҧылараҿы арегионаҿ иҟоу апроблемақәеи, алшарақәеи, ҩ-ганктәи аусеицуреи иалацәажәеит.
Маҳмуд Адиб Қырҭтәыла иҟоу ацҳаражәҳәаҩ иҭыҧ ааникылеит Акбара Гасеми-АлиАбада ицынхәрас.