Џьуаншер Бурҷулаӡе  - Ҳара аҳаирхыхьчаратәи атанкҭархагатәи хархәагақәа раахәаразы аус аауеит
Џьуаншер Бурҷулаӡе  - Ҳара аҳаирхыхьчаратәи атанкҭархагатәи хархәагақәа раахәаразы аус аауеит

«Рафаель» — адунеи иреиҕьу аилахәырақәа иреиуп, ҳара амодернизациа ахырхарҭала аус аауеит. Иара убас,  аҳаирхыхьчаратәи атанҭархагатәи хархәагақәа раахәара аганахьала Европа иреиҕьу польшатәи аҳәынҭқарратә еилахәыра аус ацаауеит», — иҳәеит Қырҭтәыла атәылахьчара аминистр Џьуаншер Бурҷулаӡе.

Аминистр,  Украина имҩаҧысуа аибашьра амшала аахәарақәа рсистемаҿы иҟалаз аиҭакрақәа дрылацәажәеит.

«Украина имҩаҧысуа аибашьра амшала ааглыхра аласреи,  аахәаратә методқәеи ахархәагақәеи рҽырыҧсахит.  Аха, адунеи идуӡӡоу ааглыхыҩцәа еснагь Қырҭтәыла аҧыжәара арҭоит.  Араагьы алҵшәа бзиақәа ҳамоуп,  хара имгакәа ажәлар аинформациа наӡа раҳҭоит.  Аҧыза-министр атәылахьчара аминистрс даныҟаз иалагаз авиациа арҿыцра апроцесс қәҿиарала инагӡоит», — иҳәеит Џьуаншер Бурҷулаӡе.