Џьуаншер Бурҷулаӡе, атәылахьчара х-ганктәи аминистериал аҳәаақәа ирҭагӡаны, азербаиџьантәи иколлега диҧылеит
Қырҭтәыла атәылахьчара аминистр Џьуаншер Бурҷулаӡе визитла Азербаиџьан дыҟоуп.
Џьуаншер Бурҷулаӡе атәылахьчара х-ганктәи аминистериал Азербаиџьан-Ҭырқәтәыла-Қырҭтәыла ихы алаирхәоит.
Аминистрра адырра ишану ала, аминистериал аҳәаақәа ирҭагӡаны, Қырҭтәыла атәылахьчара аминистр Џьуаншер Бурҷулаӡе Азербаиџьантәи ареспублика атәылахьчара аминистр, аинрал-полковник Закир Гасанов диҧылеит.
«Аминистрцәа 2024 шықәсазы Азербаиџьани Қырҭтәылеи ҩ-ганктәи русеицура аплан рнапы аҵарҩит. Джуаншер Бурчуладзе азербаиџьантәи иколлега ҭабуп ҳәа иеиҳәеит х-ганктәи аминистериал аиҿкааразы. Иара ишазгәеиҭаз ала, атәылақәа рыбжьара апатуеиқәҵареи агәреибагареи аҵакы ду амоуп арегион ашәарҭадара аиқәыршәаразы», — иануп аминистрра аинформациаҿы.
Атәылахьчара аминистрра адырраҿы ишазгәаҭоу ала, ҳаҧхьаҟа, Азербаиџьани Ҭырқәтәылеи Қырҭтәылеи ртәылахьчара аминистрцәа реиҧылара Қырҭтәыла имҩаҧысуеит.