Қырҭтәыла атәылахьчара аминистр Џьуаншер Бурҷулаӡе аофициалтә визитла Иорданиа Аҳра даҭааит.
Атәылахьчаратә усбарҭа анапхгаҩы диҧылеит Иорданиа Аҳратә арбџьармчқәа аштаб хада аиҳабы, аинрал-маиор Иусеф аль-Ҳунеити.
Қырҭтәыла Атәылахьчара аминистрра аинформациа инақәыршәаны, аганқәа рхаҭарнакцәа атәылақәа русеицура иалацәажәан, наҟ-наҟтәи апланқәа ҳәаақәырҵеит.
Қырҭәыла Атәылахьчара аминистрреи Иорданиа Аҳра атәылахьчара аминистрреи аусеицура амеморандум рыбжьоуп.
Қырҭтәыла еиҧшҵәҟьа, Иорданиагьы ахыхьчареи ашәарҭадареи аиҭашьақәыргыларазы НАТО ирҭбаау апотенциал атәыла-партниорцәа иреиуп, убри аҟынтә, аганқәа рхаҭарнакцәа, НАТО аҟны аусеицура ахадаратә апектқәагьы ирылацәажәеит.