Џьуаншер Бурҷулаӡе Америка аҳәынҭқарратә маӡаныҟәгаҩ ицхырааҩ ихаҭыҧуаҩ диҧылеит
Џьуаншер Бурҷулаӡе Америка аҳәынҭқарратә маӡаныҟәгаҩ ицхырааҩ ихаҭыҧуаҩ диҧылеит

Қырҭтәыла атәылахьчара аминистр  Џьуаншер Бурҷулаӡе Америка аҳәынҭқарратә маӡаныҟәгаҩ ицхырааҩ ихаҭыҧуаҩ  Џьошуа Ҳак диҧылеит.

Аминистрра адыррала , аиҧылараҿы атәылахьчареи ашәарҭадареи аусхкқәа рҿы  Қырҭтәылеи Америкеи рстратегиатә партниорра  иалацәажәеит, иара убас, аглабалтәи арегионалтә шәарҭадара азҵаарақәа ирзааҭгылеит.

«Атәылахьчара аминистр америкатә аган ҭабуп ҳәа реиҳәеит иҿырҧшыгоу апартниорреи аполитикатәи апрактикатәи адгылареи азыҳәан.  Хшыҩзышьҭра азун НАТО ашҟа аинтеграциа апроцессаҿ Қырҭтәыла иамоу ақәҿиарақәа. Иара убас, аиҧылара алахәылацәа,  атәылахьчара арҕәҕәареи жәларбжьаратәи шәарҭадара аиқәыршәареи азыҳәан иҟаҵатәу ашьаҿақәагьы ирылацәажәеит», — иануп Қырҭтәыла Атәылахьчара аминистрра аинформаиаҿы.

Аиҧылара рхы аладырхәит Қырҭтәыла иҟоу Америка ацҳаражәҳәаҩ Робин Даннигани Америка арратә аташе, аполковник Џьозеф Бильбои.