Џьуаншер Бурҷуладзе - Аидеиа иазықәҧо, Украина Қырҭтәыла аинтересқәа ҳахьчоит ҳәа згәы иаанаго зегьы фырхацәоуп 
Џьуаншер Бурҷуладзе - Аидеиа иазықәҧо, Украина Қырҭтәыла аинтересқәа ҳахьчоит ҳәа згәы иаанаго зегьы фырхацәоуп 

 

«Қырҭтәылазы ма аиҩызаратә тәылазы иқәҧо ауааҧсыра зегьы сара сзы ифырхацәоуп», — иҳәеит Қырҭтәыла атәылахьчара аминистр Џьуаншер Бурҷуладзе

 Џьуаншер Бурҷуладзе ишиҳәаз ала,  Украина иҭахаз аибашьцәа рҭаацәарақәа рылахәылацәа дырҧыларц дыхиоуп. 

«Ҳара анапхгараҿы ҳаныҟала, Иракли Ҕарибашвили атәылахьчара аминистрс даныҟарҵа инаркны, иҭахаз ма ахәрақәа зауз рҭаацәарақәа зегьы ҳреиҷаҳауан. Уи фактуп. Украина иҭахаз афырхацәа ирыдҳәаланы исҳәахьеит, исҧылар зҭаху руацәа зегьы сырҧылоит.  Сара аргама срыдашшылеит. Арҭ ахҭысқәа аквалификациа рысҭахьеит. Иахьагьы еиҭасҳәоит –  аидеиа иазықәҧо, Украинаҿ Қырҭтәыла аинтересқәа ҳахьчоит ҳәа згәы иаанаго зегьы сара сзы ифырхацәоуп », — иҳәеит  Џьуаншер Бурҷуладзе.