Џьуаншер Бурҷулаӡе Ҭырқәтәыла имҩаҧысуа атәылахьчара аминистрцәа х-ганктәи аиҧылара ихы алаирхәоит
Қырҭтәыла атәылахьчара аминистр Џьуаншер Бурҷулаӡе Ҭырқәтәыла имҩаҧысуа Азербаиџьани, Ҭырқәтәылеи, Қырҭтәылеи атәылахьчара аминистрцәа реиҧылара ихы алаирхәоит.
Қырҭтәыла Атәылахьчара аминистрра апресс-маҵзура адыррала, х-ганктәи аминистериал аҳәаақәа ирҭагӡаны, Џьуаншер Бурҷулаӡе, Ҭырқәтәыла атәылахьчара аминистр Хулуси Акари Азербаиџьан атәылахьчара аминистр, аинрал-полковник Закир Гасанови дырҧылоит.
Аганқәа рхаҭарнакцәа арегионаҿ ашәарҭадара аганахьала иҟоу аҭагылазаашьеи х-ганктәи аформатаҿ аусеицура апланқәеи аперспективақәеи ирылацәажәоит. Сынтәа Азербаиџьани, Ҭырқәтәылеи, Қырҭтәылеи атәылахьчара аминистрцәа реиҧылара мҩаҧысуеит Каисери ақалақьаҿ.