Џьозеф Боррель – Қырҭтәыла Евроеидгыла алаларазы акандидат тәылоуп, аиҳабыра рахь ааҧхьара ҟаҳҵоит аҭынчратә аизара азин еиқәдыршәарц
Џьозеф Боррель – Қырҭтәыла Евроеидгыла алаларазы акандидат тәылоуп, аиҳабыра рахь ааҧхьара ҟаҳҵоит аҭынчратә аизара азин еиқәдыршәарц

Адәныҟатәи азҵаарақәеи ашәарҭадара аполитикеи рзы Евроеидгыла иреиҳаӡоу ахаҭарнак Џьозеф Боррель Қарҭ имҩаҧгаз акциа дахцәажәеит асоциалтә аҳаҿы.

„Қырҭтәыла,  Атәым анырра аартызаара иазку азакәан иаҿагыланы апротест ҟазҵоз  акциа алахәылацәа рхырхарҭала амчылара ҕәҕәала сақәыӡбоит. Қырҭтәыла Евроеидгыла алаларазы акандидат тәылоуп, аиҳабыра рахь ааҧхьара ҟасҵоит аҭынчратә аизара азин еиқәдыршәарц. Акциа ахәаҽразы амч ахархәара ҟалом“, – иҩит Боррель.