Џьозеф Боррель - Қырҭтәыла аиҳабыра афинанстә цхыраара рзаанкылара азҵаара ҳахәаҧшуеит, аамҭакала, атәылауаҩратә уаажәларреи амедиеи иаҳа ҳрыцхраауеит
Ҳара Қырҭтәыла иазкны адебатқәа ҳаман, атәылаҿ игәыҧжәагоу аполитикатә ҭагылазаашьа ҩынтә ҳалацәажәахьеит. Аофициалтә хаҿқәа Евроеидгылеи уи апринципқәеи ирызкны адезинформациа аладырҵәон, уи ҳгәы иалоуп, – иҳәеит Евроеидгыла Иреиҳаӡоу ахаҭарнак Џьозеф Боррель.
Боррель иҳәамҭала, „Аартызаара иазку азакәани“ уи иадҳәалоу апроблемақәеи рымшала Қырҭтәыла Евроеидгыла иацәыхарахоит.
„Атәыла анапхгара рҟынтә иҳаҳаит ари азакәан Евроеидгыла ҳазааигәанатәоит ҳәа. Мап, мап, еилыкка исҳәар сҭахуп – ари азакәан амшала Қырҭтәыла Евроеидгыла иацәыхарахеит. 27 ҳәынҭқаррақәа рҟынтә 26 ари аҳәамҭа иақәшаҳаҭуп. Ҳара ибзианы иаадыруеит ақырҭуа жәлар реиҳара ари адинамика ишақәшаҳаҭым. Иахьа аминистрцәа реиҳара еилыкка ирҳәеит Қырҭтәыла аиҳабыра рымшала атәыла Евроеидгыла ишацәыхарахо“, – иҳәеит Боррель.
Боррель иҳәамҭала, „аиҳабыра роуранагӡара ахырхарҭа рымҧсахыр, Қырҭтәыла евроинтеграциа амҩаҿ ҧхьаҟа изцом“.
„Ҳара атәылауаҩратә уаажәларреи амедиеи рзы ацхыраара ацаҳҵоит, адезинформациа ҳаҿагылоит, алхратә процесс ҳацхраауеит. Ҳара аусуратә вариант аус адааулеит, аҭагылазаашьа ацклаҧшра наҳагӡоит. Аиҳабыра афинанстә цхыраара рзаанкылара азҵаара ҳахәаҧшуеит. Аҭагылазаашьа еицәахар, иашьашәалоу ашьаҿақәа ҟаҳҵоит. Иаҵшьны иазгәасҭар сҭахуп ҳара ақырҭуа жәлар ҳашрыдгыло, адемократиа ҳшадгыло, Евроеидгылашҟа Қырҭтәыла аинтеграциа ҳшадгыло“, – иҳәеит Боррель.