„Џьорџьиан уоҭерс енд фауер“ аӡымҩангага хада аҧхасҭахара иадҳәаланы аҳәамҭа аланарҵәеит

„Џьорџьиан уоҭерс енд фауер“ аӡымҩангага хада аҧхасҭахара иадҳәаланы аҳәамҭа аланарҵәеит. Аилахәыра аҳәамҭа ишану ала, иахьа, абҵара 10, асааҭ 01:00 рзы, ақалақь аҭыҵырҭаҿ, аӡымҩангага хада аҧхасҭа аиуит, убри аҟынтә, ари ацыҧҵәахаҿы аӡылеиқәыршәара аанкылоуп. Аҭыҧаҿ  иашьашәалоу атехникатә агәыҧқәа аус руеит, амашьынала аиҭаҵра аамҭала аанкылоуп, уаҟа амҩа арыцқьара иаҿуп.

„„Џьорџьиан уоҭерс енд фауер“ анапхгара ауааҧсыра рҿаҧхьа аҭамзаара шьҭарҵоит. Аӡылеиқәыршәара еиҭашьақәгылаанӡа „Џьорџьиан уоҭерс енд фауер“   ахаҭарнакцәа ауаа ацистернақәа рыла аӡы рызнаргоит”,- иануп аинформациаҿы.