Џьонатан Џьаногли  - Қырҭтәыла асанкциақәа ирыдгылоит, абас ауп алабҿабара шыҟоу
Џьонатан Џьаногли  - Қырҭтәыла асанкциақәа ирыдгылоит, абас ауп алабҿабара шыҟоу

«Ҳара арегион аҿы аҭагылазаашьа ҳацклаҧшуеит,  ҳәарада, ибзианы еилаҳкаауеит Қырҭтәыла,  Британиа Ду иеиҧшымкәа,  даҽа зҵаарақәак ишаргәамҵуа,  аха,  ҳпринципқәа еиҧшуп. Сара адемократиатә принципқәеи НАТОи Евроеидгылеи ралалара иазку Қырҭтәыла аҽазышәареи ауп сызлацәажәо», — иҳәеит Қырҭтәыла – Британиатә апарламенттә аиҩызаратә гәыҧ анапхгаҩы Џьонатан Џьаногли.

Иара иажәақәа рыла,  Британиа даараӡа ргәы иаахәеит Қырҭтәыла Урыстәыла иаҿагылоу ЕАР арезолиуциақәа иахьрыдгылаз.

Украинатәи аҧшыхәара иацтәи аҳәамҭа иадҳәаланы Џьаногли ишиҳәаз ала, Қырҭтәыла аиҳабыра ари аинформациа мап шацәыркыз идыруеит.

«Ишыздыруа ала,  аусеилыргара иалагеит,  аха,  Қырҭтәыла аиҳабыра ари аинформациа мап ацәыркит. Британиа Ду Украина иадгылоит. Ҳара агуманитьартә ганахьала ҳрыцхраауеит,  абџьар раҳҭоит. Асанкциақәа рырџьбара ҳақәшаҳаҭуп. Ҳара Украина аҵакырадгьылтә акзаара ҳадгылоит», — иҳәеит Џьаногли.