Британиа Ду Атәылахьчара аминистр  - Ахҭысқәа рыла иубарҭоуп Урыстәыла Қырҭтәыла аусқәа рыҽшаланарго, ақырҭуа жәлар рахь ааԥхьара ҟасҵоит Урыстәыла анырра иаҿагыларц
Британиа Ду Атәылахьчара аминистр - Ахҭысқәа рыла иубарҭоуп Урыстәыла Қырҭтәыла аусқәа рыҽшаланарго, ақырҭуа жәлар рахь ааԥхьара ҟасҵоит Урыстәыла анырра иаҿагыларц

Ахҭысқәа рыла иубарҭоуп Урыстәыла Қырҭтәыла аусқәа шырҽаланагало, ақырҭуа жәлар рахь ааԥхьара ҟасҵоит Урыстәыла анырра иаҿагыларц, – иҳәеит Британиа Ду Атәылахьчара аминистр Грант Шапс “Сқаи Ниус” аефир аҿы.

Ажурналист Шапс диазҵааит, Қырҭтәыла апарламент “Атәым нырра аартызаара иазку” азакәанпроект аднакылан, Британиа Ду аҭакс иҟанаҵои ҳәа.

„ვАхҭысқәа рыла иубарҭоуп Урыстәыла Қырҭтәыла аусқәа шырҽаланагало. Урыстәыла Украина шажәылаз зегьы ирбеит. Путин егьырҭ атәылақәа русқәа ихылаԥшра ада ааныжьра илшом, зны ари арратә агрессиала ҟаиҵоит, зны анырра ихы иаирхәоит. Адунеи азы ари иҽеиу ҳәа акгьы азаанагом. Ари ахьыԥшымреи адемократиеи рзы ибзиам. Британиа Ду ари анырра иаҿагылоит, ақырҭуа жәлар рахь ааԥхьара ҟасҵоит Урыстәыла анырра иаҿагыларц“, – иҳәеит Британиа Ду Атәылахьчара аминистр.