Џьон Кирби - Польша авизит аҳәаақәа ирҭагӡаны ЕАШ ахада Украина даҭаауам
Џьон Кирби - Польша авизит аҳәаақәа ирҭагӡаны ЕАШ ахада Украина даҭаауам

Польша авизит аҳәаақәа ирҭагӡаны ЕАШ ахада Џьо Баиден Украина даҭаауам, – иҳәеит ЕАШ амилаҭтә шәарҭадаратә хеилак астратегиатә коммуникациақәа ркоординато Џьон Кирби.

Аҩны шкәакәа ахаҭарнак иажәақәа рыла, Баиден Польшатәи иколлега, ахада Анджеи Дудеи арегион егьырҭ алидерцәеи дырԥылоит.

“Ахада Баиден Зленски диԥылом. Авизит аан Зеленски иҟны аиԥылара уажәы апланқәа ирылам. Ахада варшава ддәықәлоит”, – иҳәеит Џьон Кирби.

Аҩны шкәакәа аифнормациа ала, ЕАШ ахада Польша жәабран 20 рзы даҭаауеит.