Џьо Баиден Украиназы арратә цхыраара апакет ҿыц иазкны аҳәамҭа ҟаиҵеит
Џьо Баиден Украиназы арратә цхыраара апакет ҿыц иазкны аҳәамҭа ҟаиҵеит

ЕАШ ахада Џьо Баиден Украиназы арратә цхыраара апакет ҿыц иазкны аҳәамҭа ҟаиҵеит. Ари атәы Америка алидер “Твиттер” аҿы ианиҵеит.

“Иахьа ЕАШ ифырхаҵоу украинатәи ажәлар рыдгылара ӷәӷәа нанагӡоит. Ашәарҭадаратә даҽа пакетк иазкны аҳәамҭа ҟасҵоит, уи инақәыршәаны Украина иацҵаны артиллериатә абџьари, арадарқәеи арратә аибыҭареи аиуеит”, – иануп Баиден “Твиттер” идаҟьаҿ.

Иара убас, Аҩны шкәакәа авебдаҟьа ианылаз аинформациа инақәыршәаны, уаанӡа ишьақәырӷәӷәаз апакет аԥара нҵәеит, убри аҟынтә, Баилен иацҵаны аԥара азалхра иӡбеит.