Џьо Баиден  - Конгрессаҿ ареспубликанцәа Украина ацхраара аҟәыҵрала иқәмақаруеит, уи – аполитикатә шантажуп
Џьо Баиден  - Конгрессаҿ ареспубликанцәа Украина ацхраара аҟәыҵрала иқәмақаруеит, уи – аполитикатә шантажуп

Америка ахада игәаанагарала, Сенатаҿ ареспубликанцәа Украина ацхраара анагӡара аҿагыларала, аполитикатә шатаж мҩаҧыргоит.

Ахада иҳәамҭала, ареспубликанцәа, рҳәаатә политика амҩаҧгара рылымшар, Украина ацхраара аҟәыҵрала иқәмақаруеит.

«Конгрессаҿ ареспубликанцәа рҳәаатә политика ҳақәшаҳаҭымхар, Украина ацхраара аҟәыҵрала иқәмақаруеит. Уи – аполитикатә шантажуп. Ақәҵатә ҳаракӡоуп, уи иахылҵуа алҵшәақәа аҵакы ду рымоуп, уи ала аполитикатә хәмаррақәа рымҩаҧгара ҟалом», — иҳәеит Џьо Баиден.