Џьо Баиден ицхырааҩцәа имаӡоу адокументқәа даҽа партиак аадырҧшит
Џьо Баиден ицхырааҩцәа имаӡоу адокументқәа даҽа партиак аадырҧшит

Џьо Баиден ицхырааҩцәа имаӡоу адокументқәа даҽа партиак аадырҧшит. ВВС адыррала, адокументқәа ианаарҧшыз, иахьаарҧшыз макьана еилкаам.

Уаанӡа,  ҳазну амчыбжь алагамҭазы,  Аҩны шкәакәаҿ ишырҳәаз ала,  Џьо Баиден ииуристцәа аарыцҳаит абҵара алагамҭазы аналитикатә центр  Penn Biden аҿы имаӡоу жәа-фаилк шаадырҧшыз,  ҧаса ари ацентр аҿы Баиден иофис иҟан. Аиуристцәа,  зыҧшра ҟамҵакәа,  адокуменқәа зегьы Амилаҭтә архив иарҭеит. Уажәы ари азҵаара ҭырҵаауеит Аиустициа аминистрраҿы.

Аларҵәара зауз аинформациала,   Џьо Баиден иофис ахьыҟаз аналитикатә центр аҿы  2017 шықәса инаркны  2020 шықәсанӡа ишьҭан Украинеи,  Ирани,  Британиа Дуи ирыдҳәалоу америкатә ҧшыхәра анҵамҭақәеи абрифингқәа рматериалқәеи.

Америка ахада  Џьо Баиден ишиҳәаз ала, ҧасатәи иофис аҿы аматериалқәа раарҧшра џьеишьеит,  иара аусеилыргаҩцәа аус рыциуеит.