Џьо Баиден - ЕАШ Украина ацхыраара азаанаршроуп, 100 000-ҩык аҳәаа рзааҳартыроуп
ЕАШ Украина ацхыраара азаанаршроуп, 100 000-ҩык аҳәаа рзааҳартыроуп, – иҳәеит ЕАШ ахада Џьо Баиден Польша ахада Анджеи Дуда иҟны аиԥылара ашьҭахь.
Баиден иажәақәа рыла, Польша аҭакԥхықәра ду ахахьы агеит, ари Польша мацара акәым, Нато аҭакԥхықәрагьы ауп.
„Польша аҭакԥхықәра ду ахахьы агеит, ҳгәы шаанаго ала, ари Польша мацара акәым, Нато аҭакԥхықәрагьы ауп. Украинаа рацәаны Польша ахыҵәахырҭа аԥшаара иаҿуп, ари аганахьала ЕАШ-гьы Украина ацхыраара азаанаршроуп, 100 000-ҩык аҳәаа рзааҳартыроуп,” – иҳәеит Баиден.