Џьеик Салливан Китаи ахада диԥылеит
Џьеик Салливан Китаи ахада диԥылеит

Амилаҭтә шәарҭадаратә зҵаарақәа рзы ЕАШ ахада ибжьагаҩ Џьеик Салливан Китаи ахада Си Ӡинпин диԥылеит.

Салливан Си Ӡинпин ишиаиҳәаз ала, ЕАШ ахада Џьо Баиден иашьҭанеиуа амчыбжь азы Китаи ахада иҟны аиҿцәажәара дазыԥшуп.

Аиԥылара ашьҭахь Аҩны шкәакәа аҟынтә ишаарыцҳаз ала, аҩганк аимадара аиҭашьақәыргылара адгылоит, Си Ӡинпини Џьо Баидени арҭ амшқәа рзы ҭелла шеҿцәажәо.

Аҳәамҭа аҿы ишазгәаҭоу ала, алидерцәа еиуеиԥшым азҵаарақәа рыгәҭа, Украина ицо аибашьрагьы иахцәажәоит.