Џьеик  Салливан -  «Арыцтә еиқәшаҳаҭра» алҵразы Урыстәыла ахә ду ашәара ақәшәоит
Џьеик  Салливан -  «Арыцтә еиқәшаҳаҭра» алҵразы Урыстәыла ахә ду ашәара ақәшәоит

Амилаҭтә шәарҭадара азҵаарақәа рзы Америка ахада ибжьагаҩ  Џьеик  Салливан ишиҳәаз ала,  «арыцтә еиқәшаҳаҭра» алҵразы Урыстәыла ахә ду ашәара ақәшәоит.  Салливан  ари аҳәамҭа ҟаиҵеит  CBS News аинтервиу аҿы.

Иара иажәақәа рыла, адунеи зегьы Урыстәыла ала  «арыцтә аиқәшаҳаҭра» алҵра афакт иахәаҧшуеит  Аладатәи Африкеи, Алатинтә Америкеи, Азиеи  зда ҧсыхәа рымам, зыхә мариоу арыцла реиқәыршәара мап ацәкра аҳасабала.

Салливан ишиҳәаз ала,  Урыстәыла ари афакт азы  «адипломатиатә ахә ду ашәара ақәшәоит».

Салливан иажәақәа рыла, Америка иарбанызаалак асценари азы ихиоуп, ари азҵаара иадҳәаланы Украина аус ацыруеит.

«Амшынеиқәатәи арыцтә инициатива» рыдыркылеит   2022 шықәса ҧхынгәы азы, ари аинициатива инақәыршәаны,  украинатәи абаҕәазақәа рхархәарала украинатәи арыц аекспорт азы акорридор еиҿкаан. Аиқәшаҳаҭра аҩбатәи ахәҭала иазҧхьагәаҭан урыстәылатәи афатәаалыҵи аҵәҵәыреи аекспорт. Москва изныкымкәа аанацҳахьеит аиқәшаҳаҭра иалахәы  аганқәа  аҩбатәи ахәҭа шынарымгӡо.

Иахьа Кремль аофициалла аарыцҳаит  «арыцтә аиқәшаҳаҭра» шааныркыло.