Џьеиҳун Баирамов – Қырҭтәыла анапхгара ацхыраарала, Азербаиџьанынтәи Шәамахьтәылаҟа аидара атранзит ахә азы ҳаиқәшаҳаҭхеит, уи алагьы иубарҭоуп Азербаиџьани Қырҭтәылеи реиҩызаратә еизыҟазаашьақәа шыҕәҕәоу
Қырҭтәыла анапхгара рыцхыраарала, Азербаиџьанынтәи Шәамахьтәылаҟа аидара атранзит ахә азы ҳаиқәшаҳаҭхеит, уи алагьы иубарҭоуп Азербаиџьани Қырҭтәылеи реиҩызаратә еизыҟазаашьақәа шыҕәҕәоу, – иҳәеит Азербаиџьан адәныҟатәи аусқәа рминистр Џьеиҳун Баирамов ашықәс аихшьаалатә апресс-конференциаҿы.
Баирамов иҳәамҭала, аханатә Қырҭтәыла ишьақәнаргылаз атариф дуун.
«Уи иадҳәаланы Азербаиџьан азҵаарақәа ҳазцәырҵит, избанзар ари атариф уажәтәи апрактика иашьашәаламызт. Хара имгакәа, Қырҭтәыла анапхгара ари аус рҽаларгалан, азҵаара рыӡбеит. Аилахәырақәа аџьармыкьатә ҭагылазаашьақәа ирышьашәалоу атариф азы еиқәшаҳаҭхеит. Қырҭтәыла анапхгара ҭабуп ҳәа расҳәар сҭахуп, уи алагьы иубарҭоуп Азербаиџьани Қырҭтәылеи реиҩызаратә еизыҟазаашьақәа шыҕәҕәоу. Ари азҵаара ӡбоуп ҳәа сгәы иаанагоит, уажәшьҭа ари амҩа ахархәара ҳаиҭалагоит», — иҳәеит Џьеиҳун Баирамов.