Џьеиҳун Баирамов - Иракли Ӷарибашвили иҟны аиԥылараҿ иазгәаҭан Азербаиџьани Қырҭтәылеи реиҩызареи ирыбжьоу аусеицуреи рырӷәӷәара аҵакы
Џьеиҳун Баирамов - Иракли Ӷарибашвили иҟны аиԥылараҿ иазгәаҭан Азербаиџьани Қырҭтәылеи реиҩызареи ирыбжьоу аусеицуреи рырӷәӷәара аҵакы

Азербаиџьан Адәныҟатәи аусқәа рминистр Џьеиҳун Баирамов Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили иҟны аиԥылара иазкны “Твиттер” аҿы аҳәамҭа ҟаиҵеит.

“Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили сиԥылеит. Азербаиџьани Қырҭтәылеи ирыбжьоу астратегиатә партниорреи арегион аҿы иҟоу аҭагылазаашьеи ҳрыхцәажәеит. Иракли Ӷарибашвили иҟны аиԥылараҿ иазгәаҭан Азербаиџьани Қырҭтәылеи реиҩызареи ирыбжьоу аусеицуреи рырӷәӷәара аҵакы”, – иҩит Џьеиҳун Баирамов.

Азербаиџьани Шәамахьтәылеи рыдәныҟатәи усқәа рминистрцәа  иахьа Қарҭ иаҭааит.

Авизит аҳәаақәа ирҭагӡаны аминистрцәа Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр Илиа Дарчиашвилии ирԥылахьеит.