ЕАШ вице-ахада Џьеи Ди Венс жьҭаара 20 рзы Израиль даҭаауеит, – аарыцҳаит израильтәи аихқәа.
Аихқәа рдыррақәарыла, авизит аҳәаақәа ирҭагӡаны, алидерцәа рҟны аиԥылараан Венс Газа иршьыз атҟәацәа рыԥсыбаҩқәа рырхынҳәреи аиьашьра ахыркәшара иазку аиқәшаҳаҭреи рганахьала иҟоу апрогресс дахцәажәоит.
Иара убас, Џьеи Ди Венс ЕАШ ахада Дональд Трамп иҭынчратә план аҩбатәи аетап алагара дазааҭгылоит.
Аихқәа рдыррақәа рыла, ахашаҽны Израиль иашьҭанеиуа визитла даҭаауеит ЕАШ ахада ихаҭарнак ҷыда Стив Уиткоф.