Џьеи Д. Венс - Урыстәыла-украинатәи азҵаара — Аҩны шкәакәа еснагь агәынамӡара азаазго зҵаароуп, ари аибашьра азҵаара аҭыҧқәҵара мариахоит ҳәа ҳгәы иаанагон
Џьеи Д. Венс иҳәамҭала, авице-ахада иаҳасабала зегьы реиҳа игәы иалоуп Урыстәылеи Украинеи реибашьра ахыркәшаразы аиқәшаҳаҭра ахьрылымшаз, аха, иара апрогресс ду ибоит. Америка авице-ахада ари аҳәамҭа ҟаиҵеит ателеканал NBC News аинтервиу аҿы.
«Урыстәыла-украинатәи азҵаара — Аҩны шкәакәа еснагь агәынамӡара азаазго зҵаароуп, ари аибашьра азҵаара аҭыҧқәҵара мариахоит ҳәа ҳгәы иаанагон. Аигәатә Мрагылараҿы аҭынчра ашьақәыргылара Мрагыларатә Европаҿ аасҭа иаҳа имариахоит ҳәа шәҳәазҭгьы, шәеилагеит ҳәа шәасҳәон», — иҳәеит Џьеи Д. Венс.
Иара убас, Америка авице-ахада ишиҳәаз ала, ари азҵаараҿы апрогресс ду ибоит.
«Апрогресс ду иҟоуп ҳәа сгәы иаанагоит, аха, макьана аҵыхәанӡа ҳамнеицт. Агәыҕра иҟоуп ҳәа сгәы иаанагоит. Анеҩстәи амчыбжьқәа рзы ари ахырхарҭала ажәабжь бзиақәа ҟалап ҳәа сгәыҕуеит», — иҳәеит Џьеи Д. Венс.